Top.Mail.Ru
Ответы

Где взять русско-абхазский переводчик? кто перевести может?

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура “Аҧсныпресс” ҩажәашықәсатәи аиубилеи адиныҳәалеит.

Адныҳәалара иаҳәоит абас:

“Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура “Аҧсныпресс” аусзуҩцәа зегьы, ажурналистцәа!

Аҧсны аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура “Аҧсныпресс” ҩажәа шықәса раахыстәи аҭоурых ихьыҧшым, зхы иақәиҭу Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых иузаҟәымҭхо иалоуп. Иароуп ҩажәа шықәса рыҩныҵҟа еиҧҟьарак ҟамҵаӡакәа ҳазҭагылоу аамҭазтәи Аҧсны аҭоурых адунеи ахьынӡанаӡааӡо иахьызыгӡоз, аҿахәы еиҭазҳәоз усбарҭаны иҟаз.

“Аҧсныпресс” аусура аамҭақәа зегь раан аинформациатә маҵзураҿы иҟан зҭакҧхықәреи, зыпрофессионалтә зыҟаҵареи ҳаракыз, ҳтәыла алахьынҵа, уаҵәтәи аҧеиҧш иазхәыцуаз, гәыҵхас измаз ажурналистцәа.

Аҧсҭазаара – ҿиароуп, ҧхьаҟа цароуп. Иахьа “Аҧсныпресс” амаҵзура 20 шықәса анахыҵуа, агәра згарц сҭахуп, уи зныз амҩа ҧхьаҟа изгаша, аҿыц алазгалаша, аинформациатә маҵзура ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рыҧсҭазаараҿы ҭыҧс иааннакыло, инанагӡо амиссиа ду аҵакы еилызкаауа абиҧара ҿыц шаҵагылаз.

Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә аинформациатә маҵзура “Аҧсныпресс” аусзуҩцәа зегьы, ажурналистцәа! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы иану аус аҿы аихьӡара дуқәа. Ҳтәылеи ҳауаажәлари рҧеиҧш лаша аиҭаҳәаразы алшарақәа Анцәа ишәаҭәишьааит! ”

По дате
По рейтингу
Аватар пользователя
Мудрец
11лет

Информация для лиц, нуждающихся в осуществлении высокопрофессионального перевода
с русского на абхазский и с абхазского на русских язык.
Вы можете связаться со мной по телефонам и заказать перевод: +7 (940) 776-76-79 и +7 (961) 289-26-46,
электронному адресу dasania@maul.ru. Страница перевода будет стоить – 350 рублей.
Стоимость срочного перевода – 500 рублей. О том, куда необходимо перечислить сумму за перевод я сообщу клиенту дополнительно.



Видео по теме